Никол Ԥашиниани Еммануель Макрони ҭелла еицәажәеит
Никол Ԥашиниани Еммануель Макрони ҭелла еицәажәеит

Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани Франциа ахада Еммануель Макрони ҭелла еицәажәеит.

Аганқәа арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи аҵыхәтәантәи ахҭысқәеи ирзааҭгылеит.

Атәылақәа рлидерцәа иаҵшьны иазгәаҭеит Аштхатә Карабахтәи арегион аҿы аҭыԥ змоу аимак аҭыԥқәҵаразы “Минсктәи агәыԥ” аицхантәаҩцәа аҭынчратә процесс арҿыцра аҵак ду шамоу.

Иара убас Ԥашиниани Макрони Шәамахьтәылеи Франциеи ирыбжьоу еизыҟазаашьақәеи рдинамикеи хырхарҭақәак рҿы аусеицура арҭбаара аперспектива ирыхәаԥшит.