Никол Ԥашиниан  - Сҩыза бзиа Иракли Ӷарибашвилии уи дызхагылоу Қырҭтәыла иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп
Никол Ԥашиниан - Сҩыза бзиа Иракли Ӷарибашвилии уи дызхагылоу Қырҭтәыла иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп

Сҩыза бзиа Иракли Ӷарибашвилии уи дызхагылоу Қырҭтәыла иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, – иҳәеит Шәамахьтәыла Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Никол Ԥашиниан  Шәамахьтәыла имҩаԥгаз изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рышьҭахь “Атәылауаҩратә еиқәшаҳаҭра” аофис аҿы имҩаԥгаз абрифинг аан.

Ԥашиниан алхыҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи, урҭ рыбжьара Қырҭтәыла, Шәамахьтәыла адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Сҩыза бзиа Иракли Ӷарибашвилии уи дызхагылоу Қырҭтәыла иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Наҟ-наҟ Қырҭтәылаҟны ҳаизыҟазаашьақәа иҭбаахоит, еиӷьхоит ҳәа агәра згоит. Ҳрегион аҭынчра азеиӷьасшьоит. Аҭышәынтәалареи аҭынчреи ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадоу хықәкқәоуп. Ҳажәлар рзы аҭынчреи, аҿиареи репоха аԥҵара ҳара ҳзы априоритет дууп,”  – иҳәеит Ԥашиниан.