Ника Оболаӡе  -  Атәыла анапхгара рыҧсахреи акаолициатә еиҳабыра аиқәыршәареи азыҳәан акциақәеи алхратә институтқәеи ҳхы иаҳархәоит
Ника Оболаӡе  -  Атәыла анапхгара рыҧсахреи акаолициатә еиҳабыра аиқәыршәареи азыҳәан акциақәеи алхратә институтқәеи ҳхы иаҳархәоит

«Атәыла анапхгара рыҧсахреи акаолициатә еиҳабыра аиқәыршәареи азыҳәан акциақәеи алхратә институтқәеи ҳхы иаҳархәоит», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Ника Оболаӡе.

«Актәи атур аҿы аоппозициаа ақәҿиара ду рыман,  «Ақырҭуа гәахәтәы» Сакребуло рацәа рҿы аиҳара рцәыӡит. Ҳара аҩбатәи атур аҿы аиааира ҳақәгәыҕуеит, убри абзоурала, ақылақь дуқәа рҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» амчра рцәыӡуеит. Уи атәылаҿы анапхгара рыҧсахреи акаолициатә еиҳабыра аиқәыршәареи азыҳәан раҧхьатәи шьаҿахоит. Аамҭакала, Михаил Саакашвили ихақәиҭтәразы акциақәа мҩаҧаагоит, избанзар, иара дполитбаандаҩуп. Атәыла анапхгара рыҧсахреи акаолициатә еиҳабыра аиқәыршәареи азыҳәан акциақәеи алхратә институтқәеи ҳхы иаҳархәоит», — иҳәеит Ника Оболаӡе.