Ника Мелиа иус  аӡбара  иахьа имҩаԥысуеит
Ника Мелиа иус аӡбара иахьа имҩаԥысуеит

Рашәара 20-21 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа раан агәыԥтә ацәгьаура аиҿкааразы Ника Мелиа  иӡбарҭатә процесс иахьа мҩаԥгахоит.

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы иус азы аӡбарҭатә процесс асааҭ 11:00 рзы мҩаԥгахоит. Адукат Гьаргь Кондахишвили игәаанагарала, апроцесс аҿы Ника Мелиа иҭакра азҵаара еиҭахәаԥшраны иҟоуп. Адукат иажәақәа рыла, Ника Мелиа апроцесс аҽалархәра зин ирҭарц азы абжьаҟазара алеигалоит. Ника Мелиа жәабран 17 рзы аҭакра иқәҵан.