Ника Мелиа ишааицҳаз ала, уаҵәы аоппозициа Қарҭ акциақәак мҩаԥнагоит
Ника Мелиа ишааицҳаз ала, уаҵәы аоппозициа Қарҭ акциақәак мҩаԥнагоит

“Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа ишааицҳаз ала, уаҵәы аоппозициа Қарҭ акциақәак мҩаԥнагоит. Мелиа иажәақәа рыла, акциақәа асааҭ 11:00 рзы иалагоит Аиустициа аминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Агәабзиарахьчара аминистрреи раԥхьа.

“Аиааира ҳара иаҳтәуп. Ауаҩы 40 мш дымлашьуеит, ари шәхашәмыршҭын, ҳаҩнаҭақәа рҿы аанхара зин ҳамам. Аҵыхԥҽра аҭахым,аха шьыжь инаркны Қарҭ аҿагыларатә уснагӡатәқәа ҳрылагоит.

Асааҭ 13:00 рзы Михеил Саакашвили иӡбаратә процесс иалагоит. Уи аӡбарҭа ахыбрахь дииаргароуп. Асааҭ 11:00 рзы имҩаԥысуа акциақәа рышьҭахь, ҳаззегьы Диӷоми ҳцоит,” – иҳәеит Мелиа.