Ника Мелиа иҳәамҭала, атәыла анапхгра аоппозициа рыҳәара нарымгӡар, зхы пату ақәызҵо аоппозициатә партиакгьы апарламент иалалом
Ника Мелиа иҳәамҭала, атәыла анапхгра аоппозициа рыҳәара нарымгӡар, зхы пату ақәызҵо аоппозициатә партиакгьы апарламент иалалом

«Алхратә комиссиа хада  —  алабҿабара зырҩашьо аилахәыроуп», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Ника Мелиа.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгра аоппозициа рыҳәара нарымгӡар, зхы пату ақәызҵо аоппозициатә партиакгьы апарламент иалалом.

«Атәыла анапхгра аоппозициа рыҳәара нарыгӡаанӡа, зхы пату ақәызҵо аоппозициатә партиак, лидерк ма хаҭарнакк  апарламент иалалом. Биӡина Иванишвили уи еиликаароуп. Ҳара ибзиаҵәҟьаны иаабеит Алхратә комиссиа хада  —  алабҿабара зырҩашьо аилахәыра шакәу. Атәылаҿы акризис аҧызҵаз Биӡина Иванишвили аиаша иазхаҵаны, аоппозициа рыҳәара наигӡароуп, иара уаҳа ҧсыхәа имам», — иҳәеит Ника Мелиа.