Ника Мелиа идукат  - Иахьа аӡбаҩ иҳалалҳәаз ақәҵара заанаҵы иӡбаны ирыман, уи азакәани азин аҳәарақәеи ирышьашәалам
 Ника Мелиа идукат  - Иахьа аӡбаҩ иҳалалҳәаз ақәҵара заанаҵы иӡбаны ирыман, уи азакәани азин аҳәарақәеи ирышьашәалам

Ника Мелиа идукат  – Иахьа аӡбаҩ иҳалалҳәаз ақәҵара заанаҵы иӡбаны ирыман, уи азакәани азин аҳәарақәеи ирышьашәалам

Ники Мелиа идукат Гьаргь  Кондахишвили иҳәамҭала, иахьа аӡбаҩ ирылалҳәаз ақәҵара заанаҵы иӡбаны ирыман.

Иара иажәақәа рыла,  абри ақәҵара изакәызаалак ак ала азакәани азин аҳәарақәеи ирышьашәалам.

«Апроцесс ианалагаҵәҟьа иубарҭан дара абри ақәҵара шрыдыркылоз. Аӡбара аелементартә принципра аадмырҧшит, азакәан ашьаҭа рзымхьчеит. Ҳара азакәантә методқәа зегьы рыла  атәыла аҩнуҵҟагьы, анҭыҵгьы ақәҧара наҳагӡоит», — иҳәеит Гьаргь  Кондахишвили.

Қарҭ ақалақьтә аӡбара аӡбаҩ Нино Чахнашвили Ника Мелиа абаандаҩтәраҿы даанлыжьит.