Ника Мелиа - шәҽырԥханы шәҽеилаҳәаны, уаҵәы Ареспублика ашҭахь шәааи
Ника Мелиа - шәҽырԥханы шәҽеилаҳәаны, уаҵәы Ареспублика ашҭахь шәааи

“Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, уаҵәы хҭыԥк рҿы аманифестациа-ныҟәарақәа мҩаԥыргом. Ника Мелиа иажәақәа рыла, “Амилаҭтә ҵысра” уаҵәы асааҭ хԥа рзы Ареспублика ашҭаҿ акциа мҩаԥнагоит.

Ника Мелиа атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит акциа рхы аладырхәарц.

“Амлашьра адиета акәым, амлашьроуп ҳәа агәра зго, абри зегьы урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рыдҵала нагӡоит ҳәа агәа зго, атәыла ахԥатәи ахада дыршьуеит ҳә агәра зго, атәыла ашәарҭа иҭагылоуп  ҳәа агәра зго шәыззегьы уаҵәы, асааҭ хԥа рзы Ареспублика ашҭаҿ шәаҳзыԥшуп,” – иҳәеит Ника Мелиа.