Ника Мелиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаиҵеит амнистиа   дырхынҳәырц
Ника Мелиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаиҵеит амнистиа дырхынҳәырц

«Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Ника Мелиа Шарль Мишель идокумент знапы аҵазҩыз аоппозициаа рахь ааҧхьра ҟаиҵеит.

Мелиа дара рахь ааҧхьра ҟаиҵеит  рашәара 20 рзы, Гаврилов иухаз иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәалоу  амнистиа иақәшаҳаҭымхарц, избанзар уи  «аҭоурых аиҭаҩра иҧхашьагоу ҽазкроуп».

«Сара соума, даҽаӡә иоума, ҳара уи ҳаҧсаӡам, антиоккупациатә акциа аимырппразы адҵа ҟазҵази, ари адҵа назыгӡаз аполициа аусзуҩцәеи ахьырхәра рымазароуп.

Лабҿаба иубарҭоуп  «Ақырҭуа гәахәтәы» абри амнистиа зегьы ирыдкьысларатәы иҟарҵар шырҭаху, шәара уи шәаҿагыларгьы, дара ртәы ҟарҵоит, аха усҟан шәара шәынамыс цқьазаауеит.  Амнистиа шәақәшаҳаҭхар, уи аоппозициаа ракзаара иаҧырхагахоит, атәыла иаҧырхагахоит. Аха, зегьы реиҳа ихадоу,  амедиаторцәеи урҭ рышьҭахь игылоу ҳҩызцәеи  ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа раҳаҭыр ланарҟәоит», — иҩит Ника Мелиа.

Иара убас, Ника Мелиа, адокумент знапы аҵазҩыз  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахьгьы ааҧхьара ҟаиҵеит:

«Амнистиа шәырхынҳәы, ари азҵаара уаҳа иқәгыламзароуп. Уи еиҧш алшара иҟазар, амнистиа  апротестантцәа мацара рзы амч амазароуп. Амнистиа мап ацәышәкыр, сара, Ника Мелиа,  Европа Ахеилак исыдаргалаз ашас сақәшаҳаҭны, абахҭа сҭыҵуеит», — иҩит Ника Мелиа.

Евроеидгыла амедитациа ала ақырҭуа политикатә мчқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра  ала иазҧхьагәаҭоуп Қырҭтәыла апарламент аҿы  «Амнистиа иазку» азакәан адкылара, уи   2019 шықәса ҧхынгәы  19-21 рзы Қырҭтәыла иҟаз апротестқәа раан еиуеиҧшым азинеилагарақәа рзы  иҭаку ауааҧсыра ирызкуп.