Ника Мелиа – Апарламент алалара иазкны макьаана аӡбара сыдсымкылацт
Ника Мелиа – Апарламент алалара иазкны макьаана аӡбара сыдсымкылацт

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алидер  Ника Мелиа ишиҳәаз ала, апарламент алалара иазкны аӡбара идикылоит иколлегацәа данрацәажәалак ашьҭахь.  Уаҵәы инаркны апартиа аҩнуҵҟа аконсультациақәа иалагоит.

«Уаҵәы инаркны апартиа аҩнуҵҟагьы, апарламент иалалаз аоппозициаа рҟынгьы  аконсультациақәа мҩаҧысуеит. Аҵыхәтантәи аӡбара адкыларазы мышқәак сҭаххоит. Абри азҵаара иадҳәаланы апартиа алахәылацәа ргәаанагарақәа шеиҧшым здыруеит.  Сара абри аполитикатә бахҭа сҭыҵит, аха уи, иаанагом ҳара ҳақәҧара қәҿиарала ихыркәшоуп ҳәа.   Биӡина Иванишвили аполитикаҿы дыҟанаҵы,  ҳтәылаҿы иҵегьы имаҷымкәа аполитбаандаҩцәа ҟалоит», — иҳәеит Мелиа.