Ника Мелиа аоппозициа адгылаҩцәа дрыҳәеит  иахьа Русҭавели имҩаду аҿы еизарц
Ника Мелиа аоппозициа адгылаҩцәа дрыҳәеит  иахьа Русҭавели имҩаду аҿы еизарц

«Иаку амилаҭтә ҵысра» аҟынтә Қарҭ аахада иҭыҧ азы акандидат Ника Мелиа аоппозициа адгылаҩцәа дрыҳәеит иахьа Русҭавели имҩаду аҿы еизарц.

Иара иҳәамҭала,  зхы пату ақәызҵо Қырҭтәыла атәылауаа абри зегьы рҽанраалараны иҟам.

«Иацтәи алхрақәа рылҵшәақәа ҧаршеин. Алҵшәақәа зегьы аханатә ирҩит,  ацифрақәеи анаӡынақәеи  рыҧсахит.  Убри адагьы,  ауааҧсыра ирықәыҕәҕәон,  ирықәмақаруан.

Иҳадгылаз ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иацы ақәҧара хыркәшамызт,  иацы ақәҧара иалагеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра абри атоталтә ҧаршеира рҽанраалараны иҟам. Планқәас иҳамоу шәҳардырырц азыҳәан,  иахьа асааҭ  19:00  рзы Русҭавели имҩаду аҿы ҳшәызҧшуп!», — иҳәеит Ника Мелиа.