Ника Мелиа -  «Амилаҭтә ҵысра» аполитикатә аренақәа зегьы рхы иадырхәароуп ҳәа сгәы иаанагоит
Ника Мелиа -  «Амилаҭтә ҵысра» аполитикатә аренақәа зегьы рхы иадырхәароуп ҳәа сгәы иаанагоит

««Амилаҭтә ҵысра» аполитикатә фронтқәа зегьы рҿы активра аадырҧшыроуп,  аполитикатә аренақәа зегьы рхы иадырхәароуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Ника Мелиа.

Иара иажәақәа рыла, апартиа, аусеилыргаратә комиссиа аҧҵара мацара азакәӡам апарламент изалалаша.

«Егьи аусура зегьы ҳаҟәыҵны, аусеилыргаратә комиссиа аҧҵара мацараз апарламент алалара иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит, ҳара апарламент аусура ҳалахәызароуп, абри аренаҿгьы ақәҧара наҳагӡароуп», — иҳәеит Ника Мелиа.

Ишыжәдыруа ала, уажәааны  «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Роман Гоцириӡе  Facebook идаҟьаҿы иҩит: «Иаку амилаҭтә ҵысра» активла апарламент аҿы аусура иалагароуп, мамзаргьы, зынӡаск апарламент иалҵроуп, зегьы раасҭа еицәоу -уажәазы афракциа  имҩаҧнаго абоикот ауп.»