Ника Мелиа акциаҿ дықәгылеит
Ника Мелиа акциаҿ дықәгылеит

Аӡәгьы игәы иаанамгааит Қырҭтәыла ахԥатәи ахада Михеил Сакашвили абахҭа дҭакны даанҳажьуеит ҳәа, ихақәиҭразы ақәԥара наҳагӡоит, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа Ахьыԥшымра ашҭаҿ имҩаԥысыз акциаҿ данықәгылоз.

Ника Мелиа акциахь инеиз аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

“Аҩызцәа сазҵаауеит апланс ишәымои ҳәа. Аплан заҵәык ҳамоуп, ари аплан аиааироуп, аиааира мацара. Сшәыҳәоит, жьҭаара 20-нӡа алхырҭақәа рҿы анаԥшцәа раҳасаб ала ҳҽеиҩшаны, арҭ апаразитцәа ҳабжьқәа рымӷьычырц азы, алхратә процес ҳахылаԥшроуп…,” – иҳәеит Ника Мелиа.