Ника Мелиа абаандаҩтәраҿы даанрыжьит
Ника Мелиа абаандаҩтәраҿы даанрыжьит

Қарҭ ақалақьтә аӡбара аӡбаҩ Нино Чахнашвили Ника Мелиа абаандаҩтәраҿы даанлыжьит.  Иахьа Ника Мелиа иус рыӡбон рашәара  20-21 рзы гәыҧла амчылара  аиҿкаара ахарадҵара ала.

Ника Мелиа иқәырҵаз азыӡба аниаҳа, аӡбаҩ лызҿыҭит «Чинчалаӡе асалам сызишәҭ» ҳәа.

Аӡбаҩ Нино Чахнашвили Ника Мелиа иалҳәеит абри аҩыза ахымҩаҧгашьа амшала анеҩстәи аӡбаратә процесс аҿы аҟазаара  азин ширымҭо.

Аӡбаратә процесс нагӡахоит мшаҧы  29 асааҭ  13:00 рзы.