Ника Мелиа - Анапхгара 24 сааҭтәи аҿҳәара раҳҭоит
Ника Мелиа - Анапхгара 24 сааҭтәи аҿҳәара раҳҭоит

Михеил Саакашвили атәылауаҩратә госпиталь ашҟа аиагаразы анапхгара 24 сааҭтәи аҿҳәара раҳҭоит, ари аныҟарымҵа, абҵара 8, асааҭ 20:00 рзы Қырҭтәыла зегьы Ахьыԥшымра ашҭаҿ ҳаизоит, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа Русҭавтәи абахҭа аԥхьа аҿагыларатә акциаҿ данықәгылоз.

Мелиа ишазгәеиҭаз ала, Саакашвили иԥсҭазаара еиқәдырхароуп.

“Биӡина Иванишвили 24 сааҭтәи аҿҳәара иаҳҭоит ииашоу аӡбара адкыларазы. Михеил Саакашвили, Қырҭтәыла ахԥатәи ахада игәабзиареи иԥсҭазаареи рыхьчара ахьрылшо ахәышәтәырҭашҟа диагатәуп. 24 сааҭ ирылагӡаны ари ҟарҵом, Саакашвили ишьра ҳаргьы иҳхаро ҟарҵарц рҭахуп, абҵара 8, ашәахьа, асааҭ 20:00 рзы ҳаизоит Ахьыԥшымра ашҭаҿ,”- ааицҳаит Ника Мелиа.