Ника Гварамиа – Михаил  Саакашвили изы ҧхынҷкәын 2 рзы имҩаҧысуа апроцесс иалахәра аҵакы ҷыда амоуп
Ника Гварамиа – Михаил  Саакашвили изы ҧхынҷкәын 2 рзы имҩаҧысуа апроцесс иалахәра аҵакы ҷыда амоуп

Михаила Саакашвили Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аҟынтә Горитәи агоспиталь ашҟа даниарга ашьҭахь,  иара диҭааит идукат Ника Гварамиа.

Гварамиа иҳәамҭала, Михаил  Саакашвили изы ҧхынҷкәын 2 рзы имҩаҧысуа апроцесс аҿы аҟазаара аҵакы ҷыда амоуп.

«Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа салацәажәом. Ҳара даҽа уск ҳалацәажәеит. Ҧхынҷкәын 2 рзы апиџьакқәа рус азы аусеилыргара мҩаҧысуеит. Саакашвили изы ари апроцесс аҿы аҟазаара аҵакы ҷыда амоуп. Ари аганахьала уадаҩрак ҟамлап ҳәа ҳгәыҕуеит. Иахьа Саакашвили ажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵар иҭахын,  аха,   апрокуратура иҧырхагахеит. Иара кыраамҭала дҭаркыр рҭахуп,  аха,  уи еиҧш алшара раҳҭом», – иҳәеит Гварамиа.