Ниагаратәи аӡхыҽҽа ақырҭуа бираҟ аҧштәқәа рыла идырлашеит  [авидео]

Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы, Канада зегьы реиҳа ипопулиару аҭыҧҷыда, Ниагаратәи аӡхыҽҽа, раҧхьаӡа акәны, ақырҭуа бираҟ аҧштәқәа рыла идырлашеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Канада иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара.

Ацҳаражәҳәара адырра ала, аӡхыҽҽа ақырҭуа бираҟ аҧштәқәа рыла 15 минуҭ рыла идырлашеит лаҵара 26, асааҭ  21:45 рзы.

Уааҵәҟьа идырҳәеит Қырҭтәылеи Канадеи рхьыӡрашәақәа.