Нед Праис - Урыстәыла акыршықәса  аинтервенциеи, ампыҵахалареи мҩаԥнагон, агәыла-тәылақәа аимак-аиҿак рыбжьанаҵон, Украина, Қырҭтәыла, Молдова арҭ атәылақәа иреиуоуп
Нед Праис - Урыстәыла акыршықәса аинтервенциеи, ампыҵахалареи мҩаԥнагон, агәыла-тәылақәа аимак-аиҿак рыбжьанаҵон, Украина, Қырҭтәыла, Молдова арҭ атәылақәа иреиуоуп

Урыстыла шеишықәса рыбжьара аинтервенциеи, ампықахалареи мҩаԥнагон, агәыла-тәылақәа аимак-аиҿак рыбжьанаҵон, Украина, Қырҭтәыла, Молдова арҭ атәылақәа иреиуоуп, – абрифинг аҿы иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә департаменрт апресспикер Нед Праис  Украина аҳәааҿ Урыстәыла арратә мч аконцетрациа азҵаара данахцәажәоз.

Праис иажәақәа рыла, Урыстәыла ахымҩаԥгашьа иазыԥхьагәаҭаны, Урыстәыла Украина аҳәаа ааигәара ааратә зыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит ҳәа аҳәамҭа ЕАШ азханаҵом.

“Украина исуверену аҵакырадгьыл ааигәара Урыстәыла арратә мчқәа амобилизциа рзыҟаҵоуп. Урыстәыла шәнызқьҩык арратә маҵзуҩцәа Украина аҳәаа ааигәара гылоуп. 2014 шықәсазы Ҟрым аннексиа мҩаԥнагаз Урыстәыла ауп, мрагыларатә Украина аибашьра алагеит. Урыстыла шеишықәса рыбжьара аинтервенциеи, ампықахалареи мҩаԥнагон, агәыла-тәылақәа аимак-аиҿак рыбжьанаҵон, Украина, Қырҭтәыла, Молдова арҭ атәылақәа иреиуоуп Урыстәыла адемократиатә алхрақәа ирԥырхагон. Ахатә ҳәаақәа рынхыҵ ахимиатә бџьар рхы иадырхәит, акибержәылаарқәа напхгара Урыстәылантә азыруоит, аенергонесурсқәа абжьар аҳасаб ала рхы иадырхәоит. Ҳаҭамзааит, аха азыҟаҵарақәа мҩа́ԥаагоит ҳәа анырҳәо, аскептицизм ҳзыҵәахуам,” – иҳәеит Праис.