NBCNews - Џьо Баиден Украина аҳәаа иаԥну атәылақәа рҿы арратә мчқәа рыргылара дазхәыцуеит
NBCNews - Џьо Баиден Украина аҳәаа иаԥну атәылақәа рҿы арратә мчқәа рыргылара дазхәыцуеит

Џьо Баиден Украина аҳәаа иаԥну атәылақәа рҿы арратә мчқәа рыргылара дазхәыцуеит. Ари атәы аанацҳаит  NBCNews  ЕАШ атәылахьчара адепартаменти ахада иадминистрациеи рхаҭарнакцәа рҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аих аинформациа ала, ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остини абџьармчқәа рхаҭарнакцәеи ахада Баиден идаргалеит Урыстәыла Украина ақәлан, ЕАШ иаҭакны иҟанаҵарц алшо ашьаҿақәа.

ЕАШ атәылахьчара адепартаменти ахада иадминистрациеи рхаҭарнакцәа рдыррақәа рыла, ажәалагалақәа ахада идаргалеит “Кемп-девид” арезиденциаҿ амилаҭтә шәарҭадаратә гәыԥ аиԥылара аан. Ажәалагалала иазыԥхьагәаҭоуп арегион ахь абомбакажьгақәа рԥыррақәа, Амшын Еиқәахь арратә ӷбақәа рышьҭра, абџьармчқәа Европа атәылақәа  – Украина иаԥну атәылақәеи Польшеи Румыниеи рахь риагара.

NBCNews ишаанацҳаз, ахада аԥшыхәратә маҵзура хаҭарнакцәа рҟынтә адырра иоуит Урыстәыла арратә гәыԥқәа рацҵара нанагӡоит, краина аҳәаатә регионқәа рахь арратә хәҭақәа риагара иаҿуп.