НАТО -  Аанкылареи ахыхьчареи арҕәҕәара амзызла, алианс алахәылацәа Мрагыларатә Европаҟа иацҵаны арратә аҕбақәеи аҳаирпланқәеи дәықәырҵоит
НАТО -  Аанкылареи ахыхьчареи арҕәҕәара амзызла, алианс алахәылацәа Мрагыларатә Европаҟа иацҵаны арратә аҕбақәеи аҳаирпланқәеи дәықәырҵоит

 

Аҩадаатлантикатә алианс аҳәамҭа ишану ала, аидгылаҩцәа арбџьармчқәа ахиазаара арежим ашҟа ииаганы, Украина аҩныҵҟагьы акәша-мыкәшагьы Урыстәыла арбџьармчқәа рхыҧхьаӡара азҳара амшала, аанкылареи ахыхьчареи арҕәҕәара амзызла,  Мрагыларатә Европаҟа иацҵаны идәықәырҵоит арратә аҕбақәеи аҳаирпланқәеи.

Алианс иалоу атәылақәа рбџьармчқәа иҳараку арратә ахиазаара арежим ашҟа ииагоуп.

Америка Алианс мрагыларатә регион аҿы ахатә арратә хаҭарнакра аизырҳара алшара иахәаҧшуеит.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭала, иара иацҵаны арбџьармчқәа рыргылара дақәшаҳаҭуп. Ишиҳәаз ала, НАТО алахәылацәа рыдгылаҩцәа рыхьчаразы иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵара нарыгӡоит, алианс мрагыларатә ахәҭаҿгьы.

Алианс аҳәамҭа ишану ала, НАТО – ахыхьчаратә алиансуп.  «2014 шықәсазы Урыстәыла ала Ҟрым аннексиа ашьҭахь, НАТО алианс мрагыларатә ахәҭаҿы ахатә хаҭарнакра азнарҳаит, лымкаала, Латвиеи, Литвеи, Естониеи, Польшеи амилаҭрацәаратә аибашьратә гәыҧқәа дыргылеит, урҭ рыҟазаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит алианс алахәылак ижәылара алахәылацәа зегьы ржәылара ишаанаго».