Намахвантәи ГЕС аргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа иалагеит
Намахвантәи ГЕС аргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа иалагеит

Иахьа шьыжьымҭан Намахвантәи ГЕС аргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа иалагеит.  Атехника аус ахьауа Риони аҧшаҳәа ашҟа азинхьчаҩцәа инагоуп.

Уааҵәҟьа еизеит Намахвантәи ГЕС аргылара иақәшаҳаҭым ауааҧсыра. Дара ргәаанагарала, ари апроект шәарҭоуп, аекологиатә катастрофа ахылҵыр ауеит. Ауаа аҭынчратә протест анагӡара ргәы иҭоуп.