Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра ақыҭа Гумаҭи аҭаларҭаҿ еизеит
 Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра ақыҭа Гумаҭи аҭаларҭаҿ еизеит

 Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра ақыҭа Гумаҭи аҭаларҭаҿ еизеит.

Аҵысра  «Риони аҧсҭҳәа аиқәырхаразы» алахәылацәа ишырҳәаз ала,  иахьа асааҭ  19:00 рзы, акциа адгылаҩцәа ирҧыланы, анеҩс, хәылбыҽхан,   «агьалҟьаҧ акциа» еиҭамҩаҧыргоит.

Варлам Голеҭиани ишиҳәаз ала, ашәахьазы Гумаҭи ақыҭантә  Қәҭешь иҟоу аилахәыра  «Энка» аофис ашҟа амарш мҩаҧганы, даҽазнык аҳәара иқәдыргылоит зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра аусура иаҟәыҵны, аҧсҭҳәа иалҵырц.

Голеҭиани иажәақәа рыла, иахьа акциа алахәылацәа, Риони аҧсҭҳәашҟа ицо 6 мҩак адыркын, аргыларатә техника аҧсҭҳәа аҭалара алшара арҭом.