Наҭиа Турнава ахәаахәҭратә центрқәа рхаҭарнакцәа дырҧылоит
Наҭиа Турнава ахәаахәҭратә центрқәа рхаҭарнакцәа дырҧылоит

Қырҭтәыла аекономика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава ахәаахәҭратә центрқәа рхаҭарнакцәа дырҧылоит. Ажурналистцәа аиҧыларашҟа инармышьҭит.

Аиҧылара иалагаанӡа  «Ҭбилиси централ» адиректор Леван Ҟаралашвили ишиҳәаз ала, ахәаахәҭратә центрқәа ибзианы иазыҟаҵоуп, урҭ аадыртуеит иашьашәалоу аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны.

«Ҳара иахьатәи аиҧылара ҳақәгәыҕуеит. Ишаадыруа ала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп.  Ҳара иахьаҵәҟьа аартра ҳазыхиоуп, избанзар ахәаахәҭратә центрқәа ибзианы иазыҟаҵоуп.  Амш аҵәамҭанӡа иҳахәаша информациак ҳауп ҳәа ҳгәыҕуеит.  Арегулиациақәа зегьы рыхьчаразы иаҭаху ашәарҭаадаратә ҭагылазаашьақәа еиқәыршәоуп. Ҧхынҷкәын азы ахәаахәҭратә центрқәа аадмыртыр, ажьырныҳәа инаркны  25 нызқьҩык ауааҧсыра усурҭада иаанхоит», —  иҳәеит Леван Ҟаралашвили.