Мшаҧы 19 рзы Евроеидгыла иалоу атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  авидеоконференциаҿы Қырҭтәыла азҵаара иалацәажәоит
Мшаҧы 19 рзы Евроеидгыла иалоу атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  авидеоконференциаҿы Қырҭтәыла азҵаара иалацәажәоит

Мшаҧы 19 рзы,  Евроеидгыла иалоу атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа,  иформалым авидеоконференциа мҩаҧганы,   Қырҭтәыла азҵаара иалацәажәоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Евроеидгыла Ахеилак апрессмаҵзура.

Апрессрелиз ишану ала,  Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азы Еврвоеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа уажәтәи азҵаарақәа рзы аинформациа рыҭаны, имҩаҧыргараны иҟоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәоит. Авидеоконференциа аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәылеи,  Индиеи,  Мозамбикеиа имҩаҧысуа ахҭысқәеи,  иара убас,  Иран атомтә программеи  иазкуп.

Иара убас,  Евроеидгыла аминистрцәа,  авидеоконференциа аформат аҿы,  Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иацәажәараны иҟоуп.