Михеил Саакашвили  - Аспекулиациқәа ҟамларц азы, иахьа, шьыжь инаркны, ашәырӡ мацара акәымкуа, авитаминқәагьы мап рцәыскит
Михеил Саакашвили - Аспекулиациқәа ҟамларц азы, иахьа, шьыжь инаркны, ашәырӡ мацара акәымкуа, авитаминқәагьы мап рцәыскит

Аспекулиациқәа ҟамларц азы, иахьа, шьыжь инаркны, авитаминқәеи, аминералқәеи мап рцәыскит, – ааицҳаит  Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакавили​ “Феисбук” аҿы.

Михеил Саакашвили иажәақәа рыла, ари иаанаго акоуп – сгәабзиара аицәахара хырԥашьа амам.

“Сымлашьра адетальқәеи “анапхгара” рҳәамҭақәеи ртәы: ацазы аҵыхәтәантәи хирургиатә операциа хәышықәмп раԥхьа сзыҟаҵан, уажәы афатә адкылара сылшоит, агәаԥхачарагьы сахашшаауам.

Жьҭаара 30 рзы ашәырӡ изжәит, уи сорганизм азы ақак ду аман. Афатә сыдыскылом, аконсилицм иалоу аҳақьымцәа рыбжьагарақәа ирыхәамԥшыкуа.

Аспекулиациқәа ҟамларц азы, иахьа, шьыжь инаркны, ашәырӡ мацара акәымкәа, авитаминқәеи, аминералқәеи мап рцәыскит.

Ари иаанаго акоуп – мышқәак рышьҭахь сгәабзиара аицәахара хырԥашьа амам.

Ибзиаӡаны еилыскаауеит Путини Иванишвили хықәкыс сықәхра шрымоу, ргәахәтәы анагӡара акгьы агым.

Уажәы ақырҭуа жәлар рыдгылара ауп сзықәгәыӷуа. Ҳхьыԥшымра нагӡара ақәзааит!” – иҩит Михеил Саакашвили.