Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, амнистиа рыдкьыслоит  800ҩык раҟара ауааҧсыра
Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала, амнистиа рыдкьыслоит  800ҩык раҟара ауааҧсыра

 

Амнистиа рыдкьыслоит  800ҩык раҟара ауааҧсыра, урҭ ашьауҕа рықәырхуеит, — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Михаил Сарџьвелаӡе  «Амнистиа иазку» закәан иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәа данрылацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, «зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра рҟынтә 60ҩык ҳәсацәоуп  — урҭгьы абахҭа иҭыҵуеит».

«Адискуссиа шымҩаҧысуа аабап, амнистиа здызкьысло ацәгьаурақәа рсиа ҳзырҭбаауазар аабап.  Шәҩыла ауааҧсыра абахҭа иҭыҵуеит,  абахҭа анҭыҵ еилаӡарала азыӡба зхызго имаҷымкәа ауааҧсырагьы ашьауҕа рықәырхуеит», —  иҳәеит Сарџьвелаӡе.