Михаил Саакашвили -  Хара имгакәа ақәҧара иаҳа иҕәҕәахоит, шәаҵахаанӡа ақәҧара наҳагӡоит, амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара шәаҿамгылар еиҕьуп 
Михаил Саакашвили -  Хара имгакәа ақәҧара иаҳа иҕәҕәахоит, шәаҵахаанӡа ақәҧара наҳагӡоит, амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара шәаҿамгылар еиҕьуп 

«Хара имгакәа ақәҧара иаҳа иҕәҕәахоит, шәаҵахаанӡа ақәҧара наҳагӡоит, амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара шәаҿамгылар еиҕьуп», — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Facebook ианиҵаз ашҟәы аҟны.

«Аҳақьымцәа уи ишақәшаҳаҭымыгьы,  аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура активла аинформациа аладырҵәоит Горинтә абахҭашҟа сдырхынҳәуеит ҳәа.

Дара сареи ҳактивистцәеи шантаж ҳзура азоуп абри зегьы зыҟарҵо, насгьы ҧсеивгарак роур рҭахуп.

Иванишвили иасҳәар сҭахуп,  иахьышәҭаху сиажәга. Сара агәаҟрақәа зегьы сзызгахьеит,  уаҳа иџьасшьаша егьыҟам.

Хара имгакәа ақәҧара иаҳа иҕәҕәахоит, шәаҵахаанӡа ақәҧара наҳагӡоит, амилаҭтә аиқәшаҳаҭхара шаҿамгылар еиҕьуп!», — иануп Саакашвили ишәҟәы аҟны.