Михаил Саакашвили – Урыстәылатәи аилахәыра  «Билаин»   ақырҭуа филиал аҟынтә Гахариа ипартиа ианаҭеит аобонентцәа рсиа наӡа
Михаил Саакашвили – Урыстәылатәи аилахәыра  «Билаин»   ақырҭуа филиал аҟынтә Гахариа ипартиа ианаҭеит аобонентцәа рсиа наӡа

«Урыстәылатәи аилахәыра  «Билаин»   ақырҭуа филиал аҟынтә Гахариа ипартиа анаҭеит аобонентцәа рсиа наӡа», — асоциалтә аҳаҿы ари атәы иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада  Михаил Саакашвили.

Саакашвили ишазгәеиҭаз ала, иахьазы ари аилахәыра иахылаҧшуеит урытәылатәи Ашәарҭадаратә маҵзура.

«Урыстәылатәи аилахәыра  «Билаин»  ахатә ақырҭуа филиал аҟынтә Гахариа ипартиа анаҭеит аобонентцәа рсиа наӡа. Иахьазы ари аилахәыра иахылаҧшуеит урытәылатәи Ашәарҭадаратә маҵзура. Ҧаса уаҟа ақырҭуа ахәҭагьы иҟан,  аха,  Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура адҵала,  Иванишвили ихаан, Урыстәыла анапаҵаҟа иҟоу Москватәи абизнесменцәа  ишеибгоу ақырҭуа ахәҭа аархәеит. Интересс исымоуп, уи ишиашо ақырҭуа алхраҧхьатәи кампаниа аҽалагалара акәӡами?», — иҩит  Саакашвили.