Михаил Саакашвили – Схақәиҭтәра азҵааразы аус ауроуп аинициативатә гәыҧ, анеҩстәи аиҳабыра иарбанызаалак аконфигурациаҿы схы збом
Михаил Саакашвили – Схақәиҭтәра азҵааразы аус ауроуп аинициативатә гәыҧ, анеҩстәи аиҳабыра иарбанызаалак аконфигурациаҿы схы збом

Анеҩстәи амчыбжьқәа аҵакы ду рымоуп. Ҳара ҳаидгылар, аполитикатә импульс ахьчара ҳалшар,  ақәҧара ҳаҟәымҵыр, ҳхықәкы наҳагӡоит, — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Facebook идаҟьаҿы.

«Ақырҭуа жәлар рахь ааҧхьара,

Сыҧсҭазаара аиқәырхаразы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Агәра ганы сыҟоуп  Путин, Иванишвили инапала,   сықәхразы зегьы шыҟаиҵо. Шәыдгылареи, шәфырхаҵареи, Нино Ломџьариа лпрофессионализми, жәларбжьаратәи ақәыҕәҕәареи  акәымзҭгьы, акгьы ҳзыҟаҵомызт.

Урыстәылатәи арежим алашьцарантә ақырҭуа жәлар ралгара аҿы исҧырхагахар рҭахын.

Иванишвили дызхылаҧшуа аӡбарҭаҿы аиашара ашьақәыргылара алшара сымам. Сара, ииашоу аӡбара аҿаҧхьа аргама ақәгылара сацәшәом,  ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа сиашара ашьақәыргылареи аиааиреи сазыхиоуп.

Аӡбаратә процесс аҽалархәра алшара сышәҭ, сара Иванишвили иакәымкәа, ақырҭуа жәлар срацәажәар сҭахуп.

Ҳара аҭынчратә митингқәа рыла ақәҧара наҳагӡоит.

Сгәы ишаанаго ала, схақәиҭтәра азҵааразы аус ауроуп аинициативатә гәыҧ. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп. анеҩстәи аиҳабыра иарбанызаалак аконфигурациаҿы схы збом.  Иванишвили атҟәара сганы, ажәлар рацәажәара алшара сиҭом, убри ала изаамҭаным алхрақәа рыла акаолициатә еиҳабыра ҿыц аиқәыршәара даҧырхагахар иҭахуп, аха уи еиҧш алшара иаҳамҭароуп.

Анеҩстәи амчыбжьқәа аҵакы ду рымоуп. Ҳара ҳаидгылар, аполитикатә импульс ахьчара ҳалшар,  ақәҧара  ҳаҟәымҵыр, ҳхықәкы наҳагӡоит. Ҳара шьаҿак алагьы ҳхьацраны ҳаҟам», — иануп Саакашвили иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.