Михаил Саакашвили – Сареи, Мелиеи, ақырҭуа жәлари ҳауп хара имгакәа акабинетқәа рҟынтә шәдәылызцо
Михаил Саакашвили – Сареи, Мелиеи, ақырҭуа жәлари ҳауп хара имгакәа акабинетқәа рҟынтә шәдәылызцо

«Сареи, Мелиеи, ақырҭуа жәлари ҳауп хара имгакәа акабинетқәа рҟынтә шәдәылызцо», — иануп Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ишәҟәы аҟны. Иахьа абахҭа аҧхьа ажурналистцәа ари ашәҟәы  дырзаҧхьеит  «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Ека Херхеулиӡе.

«Ника Мелиеи Михаил Саакашвилии реизыҟазаашьақәа ирызкны Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭазы Саакашвили иҭак сышәзаҧхьоит.  Мелиа Миша иҭакра деигәырҕьеит ҳәа Моше ҟьашьы имессиџь ҿыц азы аҭак ҟасҵоит.   Сареи, Мелиеи, ақырҭуа жәлари ҳауп хара имгакәа акабинетқәа рҟынтә шәдәылызцо.  Ҳара, ҳаидгыланы, атәыла еиқәҳархоит, сареи Мелиеи», —  абас ауп аҭак шыҟоу. Мелиеи Саакашвилии реизыҟазаашьақәа цәгьоуп ҳәа баша зхы зыргәамҵуа ауаа рзы иааҧҵәаны аҭак ҟаҵоуп», — илҳәеит  Херхеулиӡе.