Михаил Саакашвили - Ишыҟазаалакгьы, сара Глдантәи абахҭашҟа сиагара сақәшаҳаҭом
Михаил Саакашвили - Ишыҟазаалакгьы, сара Глдантәи абахҭашҟа сиагара сақәшаҳаҭом

Саакашвили идукатцәа руаӡәы, Ника Гварамиа иҳәамҭала, Саакашвили имч каҧсеит.

«Имч каҧсеит, шьыжьымҭан аарлаҳәа дҿыхуеит, аиҭаҵра ицәыуадаҩуп», — иҳәеит Гварамиа.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили гәызҭаҵага мацарак изаанхеит  — аиааира агәра игоит.

«Саакашвили ҩынтә ареанимациашҟа дигатәын, ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит иҭагылазаашьа шшәарҭоу. Иаалырҟьаны деицәахар ауеит, аха, иааҧҵәаны ишәасҳәоит, Саакашвили дыҧсуам. Иара даҽазнык ажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵоит алхрақәа рахь инеины, рпозициа аадырҧшырц», — иҳәеит  Ника Гварамиа. Иара ажурналистцәа Саакашвили ишәҟәы дырзаҧхьеит.

«Сшыҟазаалакгьы, Глдантәи абахҭатә хәышәтәырҭашҟа сиагара сақәшаҳаҭхом. Уажәы сахьыҟоу саанхар еиҕьасшьоит, сыҧсаанӡа, ма абахҭа сҭыҵаанӡа. Ишыҟазаалакгьы, Глдантәи абахҭашҟа сиагара сақәшаҳаҭхом», — иануп Саакашвили ишәҟәы аҟны.