Михаил Саакашвили Горитәи агоспиталь ашҟа диаргеит
Михаил Саакашвили Горитәи агоспиталь ашҟа диаргеит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михеил Саакашвили Глдани иҟоу 18-тәи амедицинатә усҳәарҭантә Горитәи агоспиталь ашҟа диаргоит.

Аҭыԥ аҿы иҟоу Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, ҩреанимобильк абахҭатә хәышәтәырҭа атерриториантә ҭыҵит.

Гиорги Абрамишвили ихьӡ зху Атәылахьчара иаҵанакуа арратә госпиталь аҟны Саакашвили изы апалата ихиоуп.

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Горитәи агоспиталь ашҟа ииагара дақәшаҳаҭхеит. “Амилаҭтә ҵысра” алахәылацәа иҟарҵаз аҳәамҭала, Гортәи агоспиталь аԥхьа акциақәа мҩаԥыргом.