Михаил Саакашвили  амлакра иадҳәалоу амедицинатә цхырааразы мап икит
Михаил Саакашвили  амлакра иадҳәалоу амедицинатә цхырааразы мап икит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили    12-тәи апенитенциартә усбарҭа адиректор Зураб Модебаӡе ашәҟәы изиҩын,  амлакра иадҳәалоу амедицинатә цхырааразы мап шикуа идидырит.

Ашәҟәы ишану ала,  Саакашвили  анализқәа рыҟаҵареи,  ареанимобилтә бригадеи,  амедгәаҭареи азы мап икит.

Убри аамҭазы,  Саакашвили,  амлакра иадҳәалам ахәшәқәа рыдкылара наигӡоит.

«Михаил Саакашвили — Путин итҟәараҿы дыҟоуп.  «Ақырҭуа гәахәтәы»  иара игәабзиареи иҧсҭазаареи иадҳәалоу аурыс адҵа нарыгӡоит.  Урыстәылатәи аоперациа ҷыда иалахәы ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит  —  шәыхьӡқәеи шәыжәлақәеи џьаргьы ицом.  Саакашвили иҿагыланы ацәгьара ҟазҵо ауаа зегьы хара имгакәа зхы иақәиҭу аӡбара аҿаҧхьа иқәгылоит», — иануп Саакашвили ишәҟәы аҟны.