Михаил Саакашвили  абахҭаҿ дырбеит иани ихылҵи
Михаил Саакашвили  абахҭаҿ дырбеит иани ихылҵи

Михаил Саакашвили  абахҭаҿ дырбеит иани ихылҵи.

Абахҭа аҧхьа Едуард Саакашвили ишиҳәаз ала,  аҭаацәара  алахәылацәа,  раҧхьа иргыланы,  Михаил Саакашвили игәабзиареи ихақәиҭреи ауп  изызхәыцуа.

Саакашвили иан Гиули Аласаниа лҳәамҭала,  лыҷкәын амлакра даҟәыҵырц диҳәеит,  аха,  Саакашвили мап икит.

«Игәабзиара аҭагылазаашьа сзалацәажәом.  15 мшы акриимфацт. Игәалаҟазаара бзиоушәа иҳирбар иҭахын,  аха,  ус акәӡам ишыҟоу. Амлакра даҟәыҵырц сиҳәеит, аха, мап икит», — илҳәеит Гиули Аласаниа.