Михаил Чхенкели ақырҭуа театр аусзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит
Михаил Чхенкели ақырҭуа театр аусзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит

Аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рзы аминистр Михаил Чхенкели ақырҭуа театр аусзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит.

«Иахьа крызҵазкәа мшуп — Ақырҭуа театр иамшуп!

Абри амш иазгәаҳҭоит  1850 шықәса инаркны,  №1 ашкол ахыбраҿы Гьаргь Ерисҭави икомедиа  «Аилыҵра» апремиера амҩаҧгара  инаркны.

Ақырҭуа теат аусзуҩцәа зегьы гәыкала иахьатәи амш рыдысныҳәалоит! Ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит.

Ақырҭуа театр аҭоурых ду амоуп. Уҧлисцихе иаанханы иҟоу атеатр ахыбра алагьы иубарҭоуп ажәытәан Қырҭтәыла антикатә атеатртә культура шыҟаз.

1881 шықәсазы Илиа Ҷавҷаваӡеи, Акаки Ҵереҭелии, Иване Мачабелии, Васо Абашиӡеи, Дмитри Ҟиҧиании Ақырҭуа атеатртә уаажәларра ишьаҭаркит, уи раҧхьатәи ахантәаҩыс Илиа далырхит.

Иахьа, апандемиа амшала атәыла акультуратә ҧсҭазаараҿы апроблемақәа рацәоуп. Аха, ҳара, азеиҧш ҽазышәара ала, атәылаҿы акультуратә ҧсҭазаара наҳагӡеит.  Ақырҭуа театр ари апроблемазы азнеишьа ҿыц аарҧшны, аспектакльқәа зегьы авиртуалтә иаарту ақәыҧшыларашҟа ииаргеит. Сызлацәажәо аамҭа иалагӡаны  50 раҟара аспектальқәа иқәдыргылеит, атрадициатә фестивальқәа зегьы мҩаҧган. Иара убас, аминистрра ацхыраара ала, иаҧҵан  «Ацифратә театр афестиваль».

Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҳгәыҧ еснагь ақырҭуа театри атеатртә ҧсҭазаареи аҿиара иацхраауеит», —ииҳәеит Михаил Чхенкели.