Михаель Галлер – Алхрақәа ишахәҭо еиҧш имҩаҧысуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит
Михаель Галлер – Алхрақәа ишахәҭо еиҧш имҩаҧысуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит

Алхырҭақәа шаадыртуаз ҳацклаҧшуан, ари апроцесс ҭынч имҩаҧысит. Инеизакны иуҳәозар, алхрақәа ишахәҭо еиҧш имҩаҧысуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, — иҳәеит аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы  Европарламент аделегациа анапхгаҩы  Михаель Галлер.

Ажурналистцәа Михаель Галлер Михаил Саакашвили иаанкылара азгьы иазҵааит.

«Абри азҵаара ҳнаҧшратә миссиа иаҵанакәам. Ари ахҭыс алхрақәа рзы ныррас иаиуа сызшәаҳәом. Убри аҟынтә, абра иҳанашьоу ароль иазҧхьагәаҭаны,  ари азҵаара ҳзалацәажәом», — иҳәеит  Галлер.