Мегис Қардава  Украинантә Қырҭтәылаҟа аекстрадициа изуп
Мегис Қардава  Украинантә Қырҭтәылаҟа аекстрадициа изуп

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра арратә полициа адепартамент ҧасатәи анапхгаҩы Мегис Қардава  Украинантә Қырҭтәылаҟа аекстрадициа изуп.

Уажәааны Мегис Қардава Киевнтә Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа днаргеит.

Ашьауҕатә  10 уск рзы Қырҭтәыла азыӡба зқәырҵаз Мегис Қардава   2017 шықәса абҵара 1 азы Украина дааныркылеит.

Ақырҭуа аган Қардава иекстрадициа иаҳәон.  2018 шықәса инаркны Мегис Қардава  аекстрадициа ацынхәрас аҩнынтә баандаҩтәрашҟа диаргеит, аха мышқәак раҧхьа еиҭах абахҭа дҭаркит.