„Мастершеф“ -  ақырҭуа онлаинқәыҧшылара алидер
„Мастершеф“ - ақырҭуа онлаинқәыҧшылара алидер

Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы акулинариатә мегашоу  „Мастершеф“ афинал  зеиҧшҟамлац ала ирацәаны ахәаҧшцәа ирбеит   – ақырҭуа арыцхәтә медиа аҭоурых аҿы раҧҳьаӡа акәны, ари ашоу аамҭакала иахәаҧшуан  68 нызқьҩык иреиҳаны ауааҧсыра   (арҭ адыррақәа ирылам егьырҭ арыцхәтә платформақәа рстатистикеи ателехәаҧшцәа рхыҧхьаӡареи ).

Феисбуқлаив аҿы афинал  иахәаҧшуан  38 нызқьҩык иреиҳаны ауааҧсыра, Иуҭублаив аҿгьы афинал рбеит  30 нызқьҩык раҟара ахәаҧшцәа.

Х сезонк раан  „Мастершеф“ аофициалтә  „Феисбуқ“ аҿы ихырҩаалеит  389  нызқьҩык иреиҳны ауааҧсыра,  инеизакны арҭ асезонқәа ирыхәаҧшит 144 миллионҩык ауааҧсыра!

Хара имгакәа  „Мастершеф“ аҧшьбатәи асезон иалагоит