Марина Калиуранд - Саакашвили иахь ааԥхьара ҟасҵеит апровокациақәа дырҟәаҵырц, жьҭаара 2 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа ироызку Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара/ODHIR аӡбара пату ақәиҵарц
Марина Калиуранд - Саакашвили иахь ааԥхьара ҟасҵеит апровокациақәа дырҟәаҵырц, жьҭаара 2 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа ироызку Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара/ODHIR аӡбара пату ақәиҵарц

Европарламент алахәыла Марина Калиуранд Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иҟны аиԥылара иазкны аҳәамҭа Твиттер аҿы ҟалҵеит.

Европарламент алахәыла лажәақәа рыла, аиԥылараҿ Михеил Саакашвили иахь ааԥхьара ҟалҵеит апровокациақәа дырҟәыҵырц, имоу аполитикатә капитал адеполиаризациазы иха иаирхәырц.

“Европарламент алахылацәеи Михеил Саакашвилии реиԥылараҿ, Саакашвили иахь ааԥхьара ҟасҵеит апровокациақәа дырҟәыҵырц, жьҭаара 2 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа ироызку Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара/ODHIR аӡбара пату ақәиҵарц, имоу аполитикатә капитал адеполиаризациазы иха иаирхәырц,” – илҩит Марина Калиуранд.