Марина Калиуранд  - Мишель имиссиа алҵшәа ахылымҵыр, қәҿиарала ҳусеицура анагӡара уадаҩхоит
Марина Калиуранд  - Мишель имиссиа алҵшәа ахылымҵыр, қәҿиарала ҳусеицура анагӡара уадаҩхоит

Мрагыларатә партниорра иреиҳаӡоу аполитикатә усхәаҧштә иалам. Рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә усхәаҧштә ҳаналацәажәо,  цәгьарак ҟамлар ауам. Шәахәаҧш, Беларуси, Ашьхатә Ҟарабахи, Қырҭтәылеи иҟалаз,  —  илҳәеит Европарламент адепутат Марина Калиуранд Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь.

Лара лажәақәа рыла, Шарль Мишель имиссиа алҵшәа ахылымҵыр,  Қырҭтәыла аинтересқәа рыхьчаразы қәҿиарала аусеицура уадаҩхар ауеит.

Калиуранд ишылҳәаз ала, арҭ апроцессқәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ирныҧшуеит.

«Сара Европарламент ахьӡала сцәажәоит, аилазаара наӡа рыхьала акәымкәа, хаҭала сареи Аахыҵ Кавказ аделегациеи рыхьӡала.  Абра, Европарламент аҿы иаабо абри ауп: Мрагыларатә партниорра иреиҳаӡоу аполитикатә усхәаҧштә иалам. Рыцҳарас иҟалаз, аполитикатә усхәаҧштә ҳаналацәажәо,  цәгьарак ҟамлар ауам. Шәахәаҧш, Беларуси, Ашьхатә Ҟарабахи, Қырҭтәылеи иҟалаз.  Ари аиқәыҧхьаӡа насыгӡар сылшоит.  Европа иҵегьы имаҷымкәа апроблемақәа иҟоуп,  акоронавирус инаркны амиграциеи атерроризми  аҟынӡа. Убри аҟынтә, Европа Мрагыларатә партниорра апроект ахь азҿлымҳара ацәыӡыр ауеит.

Аахыҵ Кавказ аделегациа анапхгаҩы лаҳасаб ала,  агәра шәсыргар сҭахуп,  сара еснагь ари азҵаара иқәсыргылоит, аха,   апарламент  705ҩык алахәылацәа амоуп, Шарль Мишель имиссиа алҵшәа ахылымҵыр, Қырҭтәыла аинтересқәа рыхьчаразы қәҿиарала аусеицура уадаҩхар ауеит. Сара аконкреттә аҿҳәарақәеи апроцессқәеи срылацәажәар сҭахым, аха, ҳәарада, арҭ апроцессқәа ҳаҧхьаҟа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицуразы анырра рымазаауеит», — илҳәеит Марина Калиуранд.