Марина Калиуранд – Ҳара шьыжь инаркны алхрақәа ҳрыцклаҧшуеит, ауаа аус шыруа аабоит, алхыҩцәа аауеит
Марина Калиуранд – Ҳара шьыжь инаркны алхрақәа ҳрыцклаҧшуеит, ауаа аус шыруа аабоит, алхыҩцәа аауеит

Европарламент адепутат  Марина Калиуранд,  Европарламент адепутатцәа рделегациа иахьа шьыжь инаркны алхрақәа ирыцклаҧшуеит.

Лара лажәақәа рыла, абжьыҭиразы аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп.

«Ҳара алхрақәа ҳрыцклаҧшуеит асааҭ  07:30 инаркны, избанзар, алхырҭақәа шаадыртуаз аабар ҳҭахын. Ауаа аус шыруа аабоит, алхыҩцәа аауеит. Зылшарақәа ҧку ауааҧсыра ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп», — илҳәеит  Марина Калиуранд.