Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи Каха Куҷава иҧылеит
Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи Каха Куҷава иҧылеит

Апартиа  «Лело» алидерцәа Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи  Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава иҧылеит.

Аиҧылараҿы адиалог амҩаҧгара иазку  «Лело» аинициатива иалацәажәеит.

Каха Куҷава иофис аҿы аиҧылара ашәқәа ркны имҩаҧысит.

Аиҧылара ашьҭахь апартиа алидерцәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит.

«Ҳара адиалог ахымҧадара ҳалацәажәеит. Аиҿагылара изакәызаалак алҵшәак ахылымҵит. Апарламент ахантәаҩы иаҳҳәеит  атәыла азарал азаазго асценари ҟамларцаз,    ҳара адиалог ҳшазыхиоу. Амандати атәылаҿы иҟоу аиҿагылареи ирзеилои? Ажәлар ҩ-хәҭакны ишоуп. Ауаҩы иҧсҭазареи иҧсреи ауп ҳазлацәажәо.  Қырҭтәыла ахҧатәи ахада иҧсҭазаара еиқәзырхаша аҭагылазаашьақәа еиқәҳаршәароуп.  Иара ак ихьыр,  ҳаргьы ауадаҩрақәа ҳарҭагылоит. Убри аҟынтә, абри атәылаҿы аконструктивтә адгылара ҳашьцылароуп.  Адиалог ауп аконструктивтә ҟазшьа змоу. Каха Куҷава ибзианы даҳҧылеит, иҟало аабап», —  иҳәеит Мамука Хазараӡе.

Бадри Џьаҧариӡе ишиҳәаз ала, абри атема алацәажәара нарыгӡоит.