Мамука Хазараӡе  - Атоталтә ацәыҵаӡырҩреи ашьклаҧшреи  афактқәа зегьы реилыргаразы хымҧада аусеилыргаратә усбарҭа садҵаалоит
Мамука Хазараӡе  - Атоталтә ацәыҵаӡырҩреи ашьклаҧшреи  афактқәа зегьы реилыргаразы хымҧада аусеилыргаратә усбарҭа садҵаалоит

Атоталтә ацәыҵаӡырҩреи ашьклаҧшреи  афактқәа зегьы реилыргаразы хымҧада аусеилыргаратә усбарҭа садҵаалоит , — иҳәеит апартиа  «Лело» алидер  Мамука Хазараӡе.

Иара иажәақәа рыла,  маӡала иҟаҵоу анҵамҭақәа рызҵааразы аҧыза-министри Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳаби апарламентахь рааҧхьаразы изаамҭаным аилатәара амҩаҧгара амзызла,  апартиа алахәылацәа анапынҵамҭақәа реизгара иалагеит.

«Сара ҩынтә апрокуратура садҵаалахьеит, дара ҳара иҳазку азҵаарақәа еилдмыргаӡацт.  Арҭ ауаа хымҧада аҭакҧхықәра рықәҵатәуп.   Атоталтә ацәыҵаӡырҩреи ашьклаҧшреи  афактқәа зегьы реилыргаразы хымҧада аусеилыргаратә усбарҭа садҵаалоит.  Абри зегьы   атәыла аҩнуҵҟа мацара акәымкәа, жәларбжьаратәи аҩаӡара аҿгьы аҭыӡшәа ахылҵит. Ҳпатриарх заҵә иакәымкәа, жәларбжьаратәи адипломатцәагьы ирцәыҵаӡырҩуеит», — иҳәеит Мамука Хазараӡе.