Мамука Хазараӡе апарламент далҵыр, афракциа "Лело - Қырҭтәылазы" еиԥхьттар ҟалап
Мамука Хазараӡе апарламент далҵыр, афракциа "Лело - Қырҭтәылазы" еиԥхьттар ҟалап

Мамука Хазараӡе апарламент далҵыр, афракциа “Лело – Қырҭтәылазы” еиԥхьдырттар ҟалап. Арегламент инқәыршәаны, афракциа аиҿкаразы бжьҩык адепутатцәа аҭахуп.

Уажәы афракциа иалоуп Саломе Самадашвилии, Давид Усуԥашвилии, Армаз Ахвледиании, Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаԥариӡеи, Анна Нацвлишвилии, Шалва Шавгулиӡеи. Мамука Хазараӡе адепутаттәзинмчы изаанкылахар, афракциаҿ фҩык депутатцәа аанхоит.

Апартиа «Лело» алидер  Мамука Хазарадзе иҳәамҭала, иара Қырҭтәыла апарламент далҵуеит.