Мамука Хазараӡе аӡбарҭантә ддәылырцеит
Мамука Хазараӡе аӡбарҭантә ддәылырцеит

“Лело” алидер Мамука Хазараӡе аӡбарҭантә ддәылыргеит.

Аӡбарҭатә процесс аҿы Хазараӡе идукатцәа ишаарыцҳаз ала, апрокурор арепликақәа акымкәа, аихшьалатә ақәгылара иман. Ари иахҟьаны Мамука Хазараӡеи апрокурори еиҿагылеит.

“Хышықәса қуеит амц шәҳәоижьҭеи, шәаҟәыҵ. Агха ҟашәымҵан. Ари аӡбарҭоуп, Биӡина итәцәа шәоуп,” – иаиҳәеит Хазараӡе апрокурор.

Аиҿагылара ашьҭахь, аӡбаҩ Хазараӡе ауадантә идәылцра аӡбара идикылеит.

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа иахьа Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаԥриӡеи, Авҭандил Ҵереҭелии рус азы аӡбарҭатә процесс мҩаԥысуеит.