Мамука Мдинараӡе игәаанагарала, аоппозициаа рҽазкра алҵшәа ахылымҵит
Мамука Мдинараӡе игәаанагарала, аоппозициаа рҽазкра алҵшәа ахылымҵит

 

«Уаҳа ҧсыхәа анырмоуа, аиҿцәажәаратә аишәа иахатәан,  абри анҵамҭа ҧаршеи аладырҵәеит,  2010-2011 шықәсқәа рзы иҟаҵаз анҵамҭа аҟынтә ажәақәа рган, амонтаж ҟаҵаны ауаа ржьар рҭахын, аха, акгьы алымҵеит, рҽазкра алҵшәа ахылымҵит, избанзар аобиективтә анаҧшҩы уи игәы ҧнажәом», — иҳәеит афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе.

Иара иажәақәа рыла, аполитик иакәӡам изыӡбо аконкреттә ус иадҳәаланы аусеилыргара алагара  иахәҭоу иахәҭаму.

«Сара сполитикуп, изныкымкәа исҳәахьеит апрокуратура ацынхәрас сара акгьы шысзымҳәоз. Апрокуратура ацәгьаура адыргақәа анырбо  аусеилыргара иалагоит. Аха, ахҭысқәак аполитика ишадҳәалоу анырбо, ацәгьаура адыргақәа аныҟам, аусеилыргара иалагом.  Сара уи салацәажәар сҭахым, избанзар аполитик изыҳәом аусеилыргара алагара иахәҭоу иахәҭаму», — иҳәеит Мдинараӡе.