Мамука Бахтаӡе  -  Қырҭтәылаҿ арҵаҩы изанааҭ ахә шьатәуп,  апрестиж амазароуп, уи ҳхадаратә хықәкқәа иреиуп
Мамука Бахтаӡе - Қырҭтәылаҿ арҵаҩы изанааҭ ахә шьатәуп, апрестиж амазароуп, уи ҳхадаратә хықәкқәа иреиуп

Аҵара амилаҭтә идеиоуп, ахақәиҭрахь ицо мҩоуп, иаку, иҕәҕәоу адемократиатә ҳәынҭқарра аргылараҿы иҳацхрааша мҩоуп, –  иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза министр Мамука Бахтаӡе  „Арҵаҩы  – Европаҟа амҩангаҩ“ асеминар аартраҿы данықәгылоз.

Аҳәынҭқарратә церемониақәа рхан аҿы иахьа иаадыртыз асеминар Европа амшқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит.

„Аҵара амилаҭтә идеиоуп, ахақәиҭрахь ицо мҩоуп, иаку, иҕәҕәоу адемократиатә ҳәынҭқарра аргылараҿы иҳацхрааша, Европаҟа ҳназгаша, ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа зегьы рыӡбараҿы иҳацхрааша  мҩоуп. Сара уи агәра ганы сыҟоуп, уи ииашоу мҩа заҵәуп“, –  иҳәеит Мамука Бахтаӡе.

Иара аулафахы иазкны арҵаҩцәа драцәажәан, ишиҳәаз ала, Қырҭтәылаҿ арҵаҩы изанааҭ ахә шьатәуп.

„Аамҭакала, сара даараӡа исцәыуадаҩуп  Қырҭтәылаҿ арҵаҩы иулафахәы абжьаратә аулафахәы аҵкыс ишылаҟә ансаҳауа. Ишыжәдыруа ала, арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла апарламент аҿы смилаҭтә идеиа иахәаҧшраны иҟоуп, ари аидеиа инақәыршәаны, аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтә   6 наӡынак, ҽакала иаҳҳәозар, абиуџьет аҧшьбарак аҵара аусхкы иалаҳҵоит. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы атәыла иахагыло аиҳабырақәагьы уи ируалхоит.   Қырҭтәылаҿ арҵаҩы изанааҭ ахә шьатәуп, апрестиж амазароуп, уи ҳхадаратә хықәкқәа иреиуп “, – иҳәеит Мамука Бахтаӡе.

Иара иҳәамҭала,  арҵаҩы иахәҭоу аҳаҭыр ахьимам  аҳәынҭқарра  21-тәи ашәышықәсазы изакәызаалак ҧеиҧш аиуам, уи еиҳангьы, ахатә ҭоурых ацәыӡыр ауеит.