Мамука Бахтаӡе  - Бақәа-Қарҭ-Ҟарстәи аихамҩа ҳара ҳзы астратегиатә ҵакы змоу проектуп, аимадаратә станциа  Қырҭтәылоуп иахьбыҟало
Мамука Бахтаӡе - Бақәа-Қарҭ-Ҟарстәи аихамҩа ҳара ҳзы астратегиатә ҵакы змоу проектуп, аимадаратә станциа Қырҭтәылоуп иахьбыҟало

Бақәа-Қарҭ-Ҟарстәи аихамҩа  апроект ҳара ҳзы астратегиатә ҵакы амоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе.

Иара иажәақәа рыла, апроект инақәыршәаны,  зыӡбахәы ҳәоу аихамҩа еимыздо астанциа Қырҭтәыла  аҵакырадгьылаҿ,  Ахалқалақьи ауп иахьыҟало.

„Ари апроект астратегиатә ҵакы амоуп.  Х-ҳәынҭқаррак ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭраҿы конкретла иҳәаақәҵоуп апроект зламҩаҧысуа апринципқәа. Аусурақәа иалагеижьҭеи акрыҵуеит,  ҳара хымҧада ари апроект аҵыхәанӡа инаҳгоит.  Апроект инақәыршәаны,  аимадаратә станциа   Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿоуп иахьыҟало“, – иҳәеит Мамука Бахтаӡе.

Анкара имҩаҧгаз аиҧылара иадҳәаланы Аҧыза министр ишиҳәаз ала, ари аиҧылараҿы даҽа хырхарҭақ иалацәажәазар акәхап,  избанзар  Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,   апроект даҽа тәылак иацларц азыҳәан атәылақәа рыхҧагьы рықәшаҳаҭра аҭахуп.

Анкара Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи,  Азербаиџьани рихамҩатә еилахәырақәа рнапхгаҩцәа хганкалатәи амеморандум рыдыркылеит.  Адокумент хықәкыс иамоуп  Бақәа-Қарҭ-Ҟарстәи амаршрут ала  еиҧҟьарада аихамҩатә анеиааира аиқәыршәара.  Урыстәылатәи аихамҩа  зыӡбахәы ҳәоу амеморандум иазкны аофициалтә прессрелиз аланарҵәеит,  уи ахьӡуп  „Аурыс аихамҩатә цәаҳәа Ҭырқәтәыланӡа инагӡахар  ҟалап“.