Маиа Битаӡе – Калаӡе  - ҳгәыҧ иаарылукааша алидер иоуп, агәра ганы сыҟоуп дырҩегьых аҳҭнықалақь ахадас дшалырхуа
Маиа Битаӡе – Калаӡе  - ҳгәыҧ иаарылукааша алидер иоуп, агәра ганы сыҟоуп дырҩегьых аҳҭнықалақь ахадас дшалырхуа

Маиа Битаӡе – Калаӡе  – ҳгәыҧ иаарылукааша алидер иоуп, агәра ганы сыҟоуп дырҩегьых аҳҭнықалақь ахадас дшалырхуа  

 

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара азы апарламенттә комитет ахантәаҩы Маиа Битаӡе ишылҳәаз ала, Каха Калаӡе  — ргәыҧ иаарылукааша алидери ақәҿиара змоу ақалақь ахадеи иоуп.

Лара лажәақәа рыла, Калаӡе ҳаҧхьҟагьы Қарҭ ахадас аусура наигӡоит.

Битаӡе  ишазгәалҭах ала,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иалагахьеит.

«Каха Калаӡе  — ҳгәыҧ иаарылукааша алидер иоуп, агәра ганы сыҟоуп дырҩегьых аҳҭнықалақь ахадас дшалырхуа, избанзар ақалақь аҿиаразы амҩа ииаша алихит, алҵшәа бзиа иоуит. Ҳара ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара ҳалагахьеит, хара имгакәа акандидатцәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара ҳалагоит», — илҳәеит Маиа Битаӡе.