Ллоид Остин – Сара сзы ҳаҭыр дууп аинициатива ҿыц ацәыргара, уи арратә аусхкы аҿы Америкеи Қырҭтәылеи  русеицураҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит
Ллоид Остин – Сара сзы ҳаҭыр дууп аинициатива ҿыц ацәыргара, уи арратә аусхкы аҿы Америкеи Қырҭтәылеи  русеицураҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит

Америка атәылахьчара аминистр, абри аранг аҿы, раҧхьаӡа акәны Қырҭтәыла даҭааит, иара Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡе адкылара бзиа азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Америка атәылахьчара аминистр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Америказы апартниор ҕәҕәоуп, Америка ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.

Иара убас, Ллоид Остин аинициатива ҿыц  «Қырҭтәыла ахыхьчареи аанкылареи» далацәажәеит.

«Иахьа сара аинициатива ҿыц шәыласҳәар сҭахуп. Абри аинициатива Америкеи Қырҭтәылеи рыбџьармчқәа  русеицураҿы ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аинициативала ҳаизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагоит. Ҳара, хымҧада, шәтәыла атәылахьчаратә системаҿы аинституциатә реформақәа рынагӡара ҳацхраауеит. Иара убас, НАТО ашҟа алалара апроцесс аҿгьы Қырҭтәыла ҳацхраауеит», — иҳәеит  Ллоид Остин.